АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Иахьа ԥшь-сааҭк ицоз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рыла, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа рнапы аҵарҩит Бадра Гәынба иаԥшьигаз ахыркәшаратә еиқәшаҳаҭра.
Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи еиқәшаҳаҭхеит аҳәынҭқарра аҿиарамҩа зыӡбаша Аԥсны жәлар рымацара роуп ҳәа.
Аиқәшаҳаҭра ишьақәнаргылоит ииашоу алхратә кампаниа апринципқәа, административтә ресурсқәа рхархәара мап ацәкразы ауалԥшьақәа, обиективла, закәанла, алхратә закәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа рыдкылара.
Акадртә ԥсахрақәа рыҟаҵара ақәиҭымразы абҵарамзатәи аиқәшаҳаҭра амч амазаауеит ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза 2 рҟынӡа.
Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа аиҿцәажәарақәа рышьҭахь аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
© Foto
Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа аиҿцәажәарақәа рышьҭахь аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
© Foto