АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥснытәи ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи урыстәылатәи аҿар рыцхраара апрограммақәа рхы рыладырхәыр рылшоит. Абри азы адҵа инапы аҵаиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит уи ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Урыстәыла ахада Владимир Путин аиҳабыра анапынҵа риҭеит абри аҩыза алшара ҟалартә аус рурц. Ари анапынҵа анынарыгӡа, иара адҵа инапы аҵаиҩит. Ахәыҷқәеи, ашколхәыҷқәеи, Аԥсны аҿар рхаҭарнакцәеи "Большая перемена" мацара акәымкәа, Урыстәыла аҿар рыцхраара иазку егьырҭ апроектқәа рацәаны рылахәхаразы алшара роуеит", — иҳәеит Песков.
Иара иазгәеиҭеит уаанӡа Аԥсны ахадарахьы акандидат, атәыла ахада иалхрақәа актәи ртур аан аиааира згаз Бадра Гәынба Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи егьырҭ ахәыҷқәеи Урыстәыла аҿар рыцхрааратә программақәа рхы аладырхәразы алшара роурц азы аҳәара шыҟаиҵаз.