Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аблоҭиа Урыстәылеи Аԥсни акинофильмқәа реицҭыхреи акинозали ирызкны

Sputnik
Урыстәылеи Аԥсни Аҟәа ҳаамҭазтәи акинотеатр аартра иалацәажәоит, иара убас акинофильмқәа реицҭыхрагьы. Абри атәы лҳәеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова Аҟәа даныҟаз, Аԥсны акультура аминистр ин.н. Динара Смырԥҳаи лареи реиԥылараан. Аминистр лгәаанагарала ас еиԥш иҟоу алшарақәа даара актуалра рыцуп ҳаамҭазы. Ишԥаҟаз аибашьра аԥхьатәи аусеицура, уи иалҵшәахаз акиносахьақәеи, иахьа иҳамоу аимадарақәеи, зыӡбахә ыҟоу ажәалагала иабзоурахарц алшо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит акиностудиа "Аԥсуа фильм" аиҳабы, арежиссиор, Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.