АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Аԥсны амҩақәа рҿы асоура иахҟьаны жәабран 25 ашьыжь азы амашәырқәа ҟамлаӡацт ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, асы еиҳарак иахьауа аурыс-аԥсуа ҳәаа инаркны Гагранӡа ауп.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәеи амҩатә маҵзурақәеи аҭагылазаашьа иахылаԥшуеит, атехника амҩа арыцқьара иаҿуп. Џьаргьы аивҵахарақәа ыҟаӡам.