Иахьазы Аԥсны амшын аҵакыраҿы аус руеит 30 ӷба - 16 ӷба аԥсыӡ ркуеит, еиҭа 14 аидара мҩангагақәа роуп. Сынтәа акамшьиа акразы иазыԥҵоу аквота макьана инагӡам, 6 908 кьыла роуп иркхьоу.
"Аалӡга амшын иахьалало инаркны Егрынӡа аҳәырԥсарра ыҟоуп. Уа аԥсыӡкра азин ыҟаӡам. Аԥсыӡқәа уи аҭыԥ крыфарҭас ирымоуп. Гагра аԥшаҳәаҿы иҟоуп аҭыԥ, акамшьиа иаауа аӡын ахгаразы иахьеидгәыԥло. Аԥсыӡкра аныԥсыҽу аилак иамоуп азин аԥсыӡкыҩцәа урҭ аҭыԥқәа рҿы аԥсыӡкра азин рыҭара. Сынтәа ус еиԥш иҟаҵан", - ҳәа иҳәеит Ҷыҭанаа.
Ахараԥсақәа ртәы далацәажәауа, Ҷыҭанаа иҳәеит, миллионк аҟынӡа ишнеихьоу иахьазы илырҩаахьоу.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.