АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы ирымхыз амашьынақәа ҩба арратә операциа ҷыда аҭахрақәа рзы ирзынашьҭуп.
Toyota Alphard амарка иаҵанакуа амашьынақәа зтәыз аҳазалхратә закәанԥҵара ахьеиларгаз иахҟьаны ирымхны аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы ииаргеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Арратә операциа ҷыда иалагазар аахыс Шәачатәи аҳазалхратә усзуҩцәа зынӡа 31 машьына арратә усбарҭақәа ирырҭахьеит.