Урыстәыла

Facebook*, Instagram* аӡыргақәа рарбара азин ҟалом цәыббрамза 1 инаркны

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik. 2025 шықәса цәыббрамза 1 инаркны Урыстәыла Facebook*, Instagram*, уҳәа егьырҭ иаҭахым, мамзаргьы ззин ыҟам аинформациатә ресурсқәа рҿы аӡыргақәа рарбара азин рымххоит.
Аҳәынҭқарратә Дума аҩбатәии ахԥатәии аԥхьарақәа рыла "Аекстремисттә усура аҿагыларази", "Аӡыргареи" рзы азакәанқәа рахь аиҭакрақәа рыдыркылеит.
Ас еиԥш аԥкрақәа ҳазҭоу аамҭазы аус руеит аҳәаанырцәтәи агентцәа рресурсқәа рҿы аӡыргақәа рықәыргыларазы.
* Facebook, Instagram зтәу акорпорациа Meta аусура Урыстәыла екстремисттәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.