Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мықәԥҳа Аԥсуа театр иахьатәи аԥсҭазаашьа иазкны

Sputnik
Иахьа атеатр Адунеизегьтәи амш азгәарҭоит. Аԥсуа театр иахьа иаҭагылазаашьоу, аҭааҩцәа радԥхьалара иацхраауа азнеишьақәа ирызхәыцуама, ахәаԥшцәа ирыдыргылараны иҟоуп ақәыргыламҭақәа, арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Хьыбла Мықәԥҳа.
"Атеатр аҿы анапхгаҩы имацара акгьы илшаӡом. Иара хықәкыс имоу еилкааны ивагыло агәыԥ аныҟоу, аҳәынҭқарраҿгьы усуп, атеатргьы ҳәынҭқаррак иаҩызоуп, ус еиԥш иҟоу агәыԥ анувагылоу, иагьа ауадаҩрақәа цәырҵыргьы, аамҭа аҭаххаргьы, алҵшәа аиуеит, зегьы акоуп иуқәҿиоит", - лҳәеит Мықәԥҳа.
Лара лцәажәараҿы иазгәалҭеит атеатр амаҵ азызуа реизыҟазаашьақәа, уи аҩныҵаҟа аԥсҭазаашьа ахәаԥшцәа анырра шрынаҭало, иахьазы акәзар аҭагылазаашьа бзиоуп, аусеицура маншәалоуп ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.