Аԥсны

Аҟәа ахԥатәи ашкол абомба аҵоуп ҳәа имцыз адырра ҟалеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аҟәатәи ашкол №3 абомба аҵоуп ҳәа амчратә усбарҭақәа рахь адырра ҟалеит.
Акинологцәа ахыбра гәарҭеит. Артҟәацгақәа ҳәа акгьы рымбеит, ироуз адырра мцын ҳәа ааицҳаит Sputnik акорреспондент.
Иахьа, амҽыша, ашкол аҿы имҩаԥысраны иҟан аматематиказы ареспубликатә олимпиада аҵыхәтәантәи аетап. Уи даҽа школк ахь ииаргеит.