АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа 12 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа адиспансеризациаан игәарҭеит ҳәа Sputnik адырра арҭеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Игәаҭаз рыбжаҩык раҟара ирыдбалаз ачымазаразы адиспансертә хылаԥшрахь иқәыргылазарц рабжьгоуп, хҩык ашколхәыҷқәа Урыстәыла афедералтә центрқәа рҿы ахәышәтәра иахысны рыҩныҟа ихынҳәит.
Амҽхак ду змоу адиспансеризациа амҩаԥгара алыршахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала. Уи лаҵарамза анҵәамҭанӡа имҩаԥыслоит, 25 нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыхәаԥшра азԥхьагәаҭоуп.