АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭратә режим азы аиқәшаҳаҭра аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәараз азакәан инапы аҵаиҩит.
Уаанӡа аиқәшаҳаҭра ишьақәыргылоу амҽхак инақәыршәаны абензин, адизель, абитум, пропан аҳазылхрада атәылантә алгара азыԥхьагәаҭан.
Аԥкаанҵа анапы аҵаҩын Грозныи ақалақь аҿы ԥхынгәымза 16 2024 шықәса рзы. Асиа харҭәаауп аргыларатә маҭәахәқәа, абзазаратә маҭәахәқәа, аметалл еиқәаҵәа иалху аалыҵқәа, аԥсыӡ, ауҭраҭыхқәа, ашәырқәа рыла.