Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Уахыкала 160 инарзынаԥшуа украинатәи адронқәа ҭадырхеит Урыстәыла аҵакыраҿы

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 9 - Sputnik. Мшаԥы 8-9 руха Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа 158 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аиҳарак ахьҭадырхаз Ҟәыбан ауп, уаҟа иҭархан украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ️67.
Ростовтәи аобласт аҿы 29 дрон ҭадырхеит, Нхыҵ Уаԥстәыла — 15, Воронежтәи аобласт аҿы — 11,
И️ра убас, ажәыларақәа мҩаԥган Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟнгьы. Курсктәи аобласт аҿы иҭархан 10, Белгородтәи аобласт аҿы хәба, Ҟрым — хԥа, акака ҭархан Саратовтәии Орловтәии аобларстқәеи Ставропольтәи атәылаҿацәи рҿы.
Уи адагьы, Азовтәи амшын аӡымҽхак аҿы иҭархан быжь-дронк, фба — Амшын еиқәаҿы.