Аԥсны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Бадра Гәынбеи Алан Гаглоеви ҭелла еицәажәеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхадацәа Бадра Гәынбеи Алан Гаглоеви ҭелла еицәажәеит.
Урҭ аҩреспубликак реиҳабырақәа еиқәдыршәараны иҟоу ибаџьдатәиу ахәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Телефонла реицәажәараан Гәынба зыӡбахә ҳәоу адокумент аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит, иҳәеит аԥсуа ган уи анапаҵаҩра ишазхиазаауа Аминистрцәа реилазаара ҿыц анышьақәыргылахалак ашьҭахь.
Ари азҵаара уаанӡа асоциал-економикатә ҿиара иазкыз аилатәараҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев далацәажәахьан. Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәылантәи аалыҵ аҭира уажәнатә иалагахьеит, иаҳҳәап, ауараш, аминералтә ӡы. Аиқәшаҳаҭра аекспорт аизырҳареи аарыхыҩцәа ҿыцқәа радԥхьалареи алнаршоит.
Гаглоев игәаанагарала, ахаҳә аус адызуло азауади ақыҭанхамҩатә зауади рҟынтәи аалыҵ ареспубликахь адәықәҵара алшоит.