АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхас Кациа аколлектив дыдирдырит.
Иара анапхгаҩ ҿыц иусураҿы ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, уаанӡатәи анапхгаҩы, уажәы ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵураҭыԥ аанызкыло Беслан Бигәаа ари аҭыԥ аҿы имҩаԥигоз иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Алхас Кациа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭоуп атәыла ахада мшаԥы 9 рзы иҟаиҵаз аусԥҟа инақәыршәаны. Афото © Аԥсны ахада ипресс-маҵзура