Арадио

Џьапуа амузеи аҿы еиҭашьақәиргыло ажәытә бџьар азы: иуанаҳәо рацәоуп

Sputnik
Аҳәынҭқарратә музеи аекспонатқәак иреиуоу ХVII- ХIХ ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Нидерланды иҭыжьыз ахысгабџьар -мушкетон аиҭашьақәыргылара цоит. Иагу - иабзоу арҽеиразы, аҟаза аус шадиуло, уадаҩрас иԥыло, шаҟа аамҭа аҭаххо абџьар аиҭашьақәыргылара, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа.
Абџьар ашьхәа хжәоуп, аџьаз иалху елементк ыӡны иҟоуп, иара аԥшәмагьы акала дацхраауазар акәхарын ҵәымыӷқәак алоуп, ишакәым иҟаҵоуп, иҳәеит асахьаҭыхҩы, абџьар аиҭашьакәыргылаҩ Баҭал Џьапуа.
Иара иҳәеит абџьар иааиуа амчыбжь азы ишеиҭашақәыргылахо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.