Ақьырсиан иашахаҵаҩцәа рзы Амшаԥныҳәа аԥхьа амчыбжь иалкаау идуу мшқәаны ишьоуп, Агәаҟҵәаҟра амчыбжь ҳәа иашьҭоуп. Ари аамҭазы иаҳа ачҳара, аматанеира, абзиа азхәыцра рхы азыркуеит Ачгара ду иҵоу, адин аԥҟарақәа рықәныҟәара зҽазызшәо ауаа. Аныҳәа лаша ари аамҭазы аҽазыҟаҵара шаҭаху, изықәныҟәатәу аԥҟарақәа, ахымҩаԥгашьа шахәҭоу, аныҳәарҭақәа рҟны имҩаԥысуа амаҵзурақәа зыдҳәалоу арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Кьиут).
Ачгара ду аҵыхәтәантәи амчыбжь аҵакы ӷәӷәоуп, иаҳгәалаҳаршәоит Иаса Қьырса адгьыл аҟны аҵыхәтәантәи имшқәа ирыдҳәалаз ахҭысқәа иҳәеит аб Игнати.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.