Арадио

Ахба Нурбеи Камкьиа изкны: акино дазшан

Аԥсны Жәлар рартист Нурбеи Камкьиа диижьҭеи 91 шықәса ҵит. Аԥсныи Адыгатәылеи Зҽаԥсазтәыз рартист Лаврент Ахба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аҟаза дуи иареи реибадырра шыҟалаз, инаигӡоз арольқәа ртәы, насгьы акино аҿы ихы шааиԥршыз.
Sputnik
Нурбеи Камкьиа абаҩхатәра ду злаз иакәын, иара асценаҿы иҟаиҵоз зегьы, иихәмаруаз, инаалон, ҳәа азгәеиҭеит Ахба.
"Аҟазшьа бзиа иман. Ҳара ҳқәыԥшын, абжьгарақәа ҳаиҭон аӡәгьы имырҳакәа. Аԥхынразы ақыҭақәа ҳрылан. Ахәаԥшцәа аниԥылоз пату рықәҵаны, ҳаҭырла дрызнеиуан", - ҳәа иҳәеит Ахба.
Лаврент еиҭеиҳәеит, Нурбеи Камкьиа акиноактиорк иаҳасабала дзеиԥшраз.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аԥсуа театр асценаҿ Нурбеи Камкьиа қәҿиарала дыхәмарит: Анджело ("Анджело" В. Гиуго, 1959), Асланбеи ("Ашамҭаз" А. Лагәлаа, 1959), Тахи ("Ҳаамҭазтәи ахлымӡаах" Р. Ебралиӡе, 1961), Машьгәыгә ("Ҩаԥхьа ианышәҭуа" Гь. Гәыблиа, 1962), аминистр ("Аҳәынҭқар ҟьантаз" Е. Шварц, 1963), Ганс ("Иван-аԥсуа" М. Чамагәуа, 1963), Филипп ("Дон Карлос" Ф. Шиллер, 1971) уҳәа. Нурбеи Камкьиа Аԥсуа драматә театр иқәнаргылоз аспектакльқәа шамахамзар зегьы дрылахәын.
Иара иҽҭихуан акиносахьақәа рҟынгьы. 1975 шықәсазы иҭыхыз Владимир Савелиев ифильм "Хҭырԥа шкәакәа" аҟны Нурбеи Камкьиа ирҭеит ароль хадақәа руак. Уи сценаристс даман Баграт Шьынқәба ихаҭа. Актиор иҽҭихит афильмқәа "Время счастливых находок", "Жизнь и удивительные приключения Робинзона Крузо", "Чегемский детектив", "Пиры Валтасара, или ночь со Сталиным", иааидкыланы 22 киносахьа рҟны.
Нурбеи Камкьиа ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара, "Аџьа агәымшәараз" амедал. Актиор идунеи иԥсахит 2013 шықәсазы.