АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аацы ақыҭа абжьаратә школ аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иҭахаз ргәалашәара иазкны акласс аадыртит.
Аусмҩаԥгатә аартра иалахәын араион ахада Валери Аҩӡба, ахадара аусзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз афырхацәы рыуацәа, иара убас Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз быжьҩык.
Урҭ рзы иазырхиан аныҳәатә программа. Ашколхәыҷқәа аибашьра ахҭысқәа, хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар ирыцхраарц иааз афырхаҵарақәа ртәы еиҭарҳәон, ишәаҳәон, икәашон.
1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны бџьаршьҭыхла иақәлеит. Нанҳәамза 15 рзы Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа ргәыԥ хатәгәаԥхарала еибашьра иааит, анаҩс урҭ ирыцлеит Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рҟынтәи зегьы ззеиԥшмыз, Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҟынтәи адиаспора.