Ачемпионат аҟны иалахәын 7-командак. Аицлабраҿы актәи аҭыԥ агара ус имариамызт, ҳәа иҳәеит Ԥачлиа.
"Аицлабрақәа кыршықәса рхыҵуеит. Аибашьра ҟалаанӡагьы иҳаман. Акоманда ҿыцқәагьы рхы аладырхәыр рҭахуп. Аицлабра иаҳнарбоит агхақәа змоу. Аусзуҩцәа рҟазара еиздырҳар шрылшо", - ҳәа азгәеитеит Ԥачлиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.