17 шықәса ҵуеит, Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы, Руслан Габлиа ихатә цәыргақәҵа ҟаимҵеижьҭеи, ари даара хҭыс бзиоуп, ҳәа ахылҳәааит аиҿцәажәараҿы Арсалиаԥҳа.
"Руслан Габлиа - аҿыханҵатә школ аҩыра ҳаракы аазырԥшуа асахьаҭыхҩцәа дреиуоп. Иара имҽхак зегьы аанарԥшуам ацәыргақәҵа, избанзар еиуеиԥшым ажанрақәа рҿы ихы ԥишәоит", - ҳәа лҳәеит лара.
Апортрети анатурморти ржанрқәа рыла иҭыху аусумҭақәа рцәыргақәҵа аартызаауеит мшаԥы 25 рҟынӡа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.