АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Владимир Путин Амшыҧныҳәазтәи аамҭалатәи аинышәара рылеиҳәеит.
Уи алагоит иахьа асааҭ 18:00 рзы, мшаҧымза 21 руха ихыркәшахоит.
Ахырхарҭқәа зегьы рҟны аибашьра аанкылахоит. Уи аан аҕацәа урыстәылатәи аруаа рганахьала ажәыларақәа ҟарҵар урҭ раҧырҟәҟәаара иазхиазароуп ҳәа иҳәеит Путин.
Иҷыдоу арратә операциа иалаху Урыстәылатәи аруаа Амшыҧныҳәазтәи аинышәара аамҭазы аибашьра шаанкылоу азы адҵа роуит.
Арежим аларгалоит агуманитартә хыдҵақәа рынагӡаразы, уи аан Киевгьы уи иақәныҟәароуп ҳәа аанацҳаауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.