Сынтәатәи аԥхынраз аԥсшьаҩцәа ирыдгалахо ахырхарҭа ҿыцқәеи, дара еиҳарак зинтерес рымоу аобиектқәеи ртәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны атуристтә хырхархарҭаҿы аус зуа Алхас Қаԥшь.
Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩы - аныҟәаҩ, хымԥада, аҿыцбара дазҿлымҳауп, иҳәеит Қаԥшь. Иара иазгәеиҭеит шықәсқәак раԥхьа ишалагалаз Аԥсны абжьаратәи ашәышықәсақәа ирыҵаркуа абаҟақәа рҭаара: еицырдыруа Баслатәи ацҳа налаҵаны Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟоу Генуиатәи афакториа абаа хыжәжәара Сан-Томазо, Лашькьындар иҟоу аԥшьаҭыԥ иаҵанакуа абаа хыжәжәаара, Аҟәа иҟоу аҳ Баграт ибаа ахәҭақәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.