Иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥшьгарала имҩаԥысуеит Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа ирҿиамҭақәа ирылху алитературатә-театралтә композициа "Аԥсы ҭоуп сара схәышҭаара". Уи шеиҿкаау , иалахәу, иарбан ҩымҭақәоу ақәыргыламҭаҿы иаарԥшхо арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Гәлиа ирҿиамҭақәа рыла ақәыргыламҭа иалахәуп артистцәа, апоетцәа, ашколхәыҷқәа, иҳәеит Аԥҳазоу.
"Даара аинтерес аҭаны имҩаԥысып ҳәа агәыӷра ҳамоуп, избанзара алахҿыхрагьы ацуп, аамҭақәа реигәныҩра ажәытә-аҿатә еиҿыбааны ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш, ҳбызшәа, ҳҳәынҭқарра, ҳажәлар адоуҳатә культура ауп зегьы уасхырс иамоу. Иҟоуп амелодиақәа, ашәақәа, акәашара. Иқәгылоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә хортә капелла, авокалтә-инструменталтә ансамбль "Гәында", ахортә студиа, ашколхәыҷқәа рыла еиҿкаау", - иҳәеит Аԥҳазоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.