АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Лаҵара 9 Аиааира Ду амшныҳәа — ацәыӡ дуӡӡақәа зауз Асовет жәлар аԥсҭазаарахь рырхынҳәра ауп иаанаго, ҳәа азгәалҭеит амедиа-гәыԥ "Россия сегодня", Sputnik, RT рредактор хада Маргарита Симониан.
Афашизм аҿагылараҿы Асовет Еидгыла алагала дууп, уи узызгәдухаша акоуп ҳәа азгәалҭеит лара.
"Ари аԥсхҭынҵара ахә ҳаракны иахьышәшьо, иахьышәгәалашәо, ҭабуп ҳәа ахьахышәҳәаауа хәдықәҵара азнауеит ҳара жәларык рыҳасабала аԥсҭазаара ҳаиҭазыхынҳәра, наӡаӡа ҳаиҭанхара", — лҳәеит лара акциа "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ахацыркра иазкны имҩаԥгаз авидеоцҳа Москва-Симферополь аҟны.