Сынтәа арҭ аицлабрақәа ирылахәхо, аҽазыҟаҵарақәа шымҩасуа, насгьы аҽырыҩракәа рҟны ҳамҭақәас иҟало, арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҽыбӷаҟазаратә федерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Сынтәа аҽырхәмаррақәәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион быжь-қыҭак. Лаҵарамза 8 аусмҩаԥгатә актәи амш азы апрограмма хацыркхоит ашьыжь асааҭ 10 рзы. Гәдоуҭа араион аҟынтә есышықәса аҽырырҩрақәа ирзоужьуп миллионки 20 нызықь рҟынӡа. Џьарназ Бениа еиҭеиҳәеит, аҽырхәмаррақәа ирылахәу аԥаратә ҳамҭақәа шрызшахо.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.