Урыстәыла

Ихымхәаз ахәыҷы иԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргыларазы ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә апрокуратура Аԥсны хылаԥшрада ихымхәаз ахәыҷы иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы иааныжьра инамаданы ашьауӷатә ус аанартит.
Аусеилыргара адыррақәа рыла, Урыстәыла атәылауаҩ атәыла далганы, Аԥсны ԥас дҟазҵаз даанрыжьит шәҟәыда, хныҟәгага имаӡамкәа.
Дара еилыркааит хылаԥшра зырҭоз ахәыҷы игәабзиареи ихшыҩии рыҿиара аҷыдарақәа ирыхҟьаны, аҭагылазаашьа обиективла ахәшьара аҭара, ашәарҭара аилкаара, мамзаргьы ихала ихныҟәгара шилымшоз.
Уи адагьы, апрокуратура иаанарԥшит ахәыҷы иԥаратә ԥхьаӡамҭа аҟынтәи миллионки бжаки инареиҳаны аԥарақәа шыбжьаӡыз.