АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анавигациа, арадиолокациа, аимадара рхархәагақәа рыла еиқәыршәоуп.
Аҳаирбаӷәазеи "Ростех" иахәҭаку аилахәыра "Азимути" ирыбжьоу аилаӡара инақәыршәаны еиуеиԥшым 18 хкы аиқәыршәагақәа, урҭ рхаҭабзиара урыстәылатәи авиациатә практикаҿ еиԥш, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿгьы ишьақәырӷәӷәоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аилахәыра адиректор хада РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҿы.
30 шықәса раахыс раԥхьаӡакәны апассаџьырцәа зҭаз аҳаирплан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит лаҵара 1 асааҭ 18:26 рзы. Иара 50-ҩык апассаџьырцәа аанагеит, уи асааҭ 20:11 рзы Москваҟа иԥрит.