Анҭиа арҵаҩцәа рзы аконференциа иазкны

Sputnik
«Ҳаамҭазтәи анаукеи аҵарадырреи ртенденциақәа: аихьӡарақәеи аперспективақәеи» захьӡу XI Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа мҩаԥысит аҳҭнықалақь аҿы. Уи иалахәуп Уралтәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә университет ахаҭарнакцәа. Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган еиуеиԥшым аҟазаратә классқәа, аԥышәа еимдара, иҷыдоу апрограммала аусеицура. Еиҳа инарҭбааны атема дазааҭгылоит Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Асҭанда Анҭиа.
Асас: Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Асҭанда Анҭиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.