Арадио

Гогәуаԥҳа Тҟәарчал ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа атәы

Sputnik
Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакыҭбаала амҩаԥгара иацырҵоит атәыла араионқәа рҟны. Уажәазы ахәыҷқәа ргәабзиара гәарҭоит Тҟәарчал араион аҟны. Ақалақьи араион иаҵанакуа ақыҭақәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҳақьымцәа рҭаара шымҩаԥысуа, еиҳа лассы-лассы ирыдырбало ачымазарақәеи дырзааҭгылоит Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭа амедиаҳәшьа еиҳабы Емма Гогәуаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.