Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхеит Аҟәа Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьала. Уаҟа имҩаԥган акциа "Агәалашәара амца". Амемориал ахь акәаҷаб ала инагаз Иҿымцәаауа амца аҟәырҷахала абаҟа ашьапаҿы амца еиқәырҵеит.
Абаҟа аҿаԥхьа имҩаԥган амитинг, уаҟа иқәгылеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини.
Анаҩс иалагеит апарад ахаҭагьы. Шьаҿеиқәшәала аԥшаҳәа иқәсит Аԥсни Урыстәылеи рыррамаҵзурауаа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра, Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзуреи, Ашәарҭадаратә маҵзура рҳәаахьчаратә маҵзура аусзуҩцәеи.
Амшын аҿы ицәырҵит аҳәаахьчаратә ӷбақәа, ажәҩан ахь ихалеит Аԥсны аҳаирмчқәа рвертолиотқәа. Апарад напхгара азиуан аполковник Беслан Мышәба, идикылеит атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ҵәыџьба.
В море появились катера пограничного управления, а в небе – вертолеты ВВС Абхазии. Командовал парадом полковник Беслан Мушба, принимал парад исполняющий обязанности министра обороны Беслан Цвижба.
Ашьаҟауаа еишьҭагылан рныҟәара хыркәшахеит маланыҟәалеи Ԥсра зқәым архәҭа амҩасралеи.