Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль алахәхаразы аҽҭаҩра цоит

Sputnik
Цәыббра 17 инаркны 21 рҟынӡа Нижни Новгород имҩаԥысуеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль. Уажәы уи алахәхаразы аҽҭаҩра цоит. Иаҳа инарҭбааны афестиваль ҵакыс иамоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит,
Афестиваль рҽаладырхәыр рылшоит 14-35 шықәса зхыҵуа аҟазара, аспорт, аҳәынҭқарратә напхгараҿы, абизнез рҿы зҽалзкаази жәларбжьаратәи аҿартә аԥшьгараҿы зхы аазырԥшызи. Англыз бызшәа адырра хымԥадатәиуп.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.