Арадио

Арӡынба ихаҭареи илагалеи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны

Sputnik
Владислав Арӡынба ихаҭара амҽхак ҭбаан, Аԥыза ду, ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭорых зыда ухахьы иузаамго ауаҩԥсы иҟазшьа хымԥада имариамыз, аха убри аан, шаҟа дыџьбараз аҟара ауаҩы дизааигәан, алаф бзиа ибон – абас дыргәаладыршәоит иара ибзианы дыздыруаз, изааигәаз ауаа.
Ауаажәларратә усзуҩы, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа игәалашәараҿы дшаанхаз Владислав Арӡынба шәазыӡырҩы аудио аҿы.