АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны хәажәкырамза анҵәамҭанӡа зегь реиҳа иалыркаауаз аҭыԥқәа жәаба рхыԥхьаӡараҿы иақәшәеит.
Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура астатистика излаанацҳауа ала, ареспубликахь атуристтә ныҟәарақәа мҩаԥыргеит 66,7-нызқьҩык ауаа.
Убри аан, атуризм мацара акәымкәа, егьырҭ ахықәкқәа рызгьы аҳәаанырцәҟа аныҟәарақәа рреитинг аҿы Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылоит – 918,8-нызқьҩык.
Анҭыҵтәи атуризм азы аԥхьагылара амоуп Еиду Арабтәи Аемиратқәа, уаҟа урыстәылатәи атуристцәа 466,3-нызқьҩык рыԥсы ршьеит, Таиланд – 348,5-нызқьҩык, Мысра – 342,8-нызқьҩык, Ҭырқәтәыла – 337,3-нызқьҩы, Китаи – 243,75-нызқьҩык.
Иааизакны 2025 шықәса актәи аԥшьбара аҩнуҵҟа 2-миллионҩык урыстәылатәи атуристцәа аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирҭааит. Ари 10,7% рыла еиҳауп ҵыԥх абри аамҭаз аасҭа.