АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион лаҵарамза 10 рзы иҟалаз амшцәгьа ашьҭахь агәаҭаразы даҭааит.
Гәдоуҭа араион аҿы аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы аусурақәа мчыбжьыки бжаки рыла ихыркәшахоит иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра ахада Гәдоуҭа араион ахь имҩаԥигаз агәаҭарақәа реихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, аԥшатлакә 27 ҩни школки ааха рнаҭеит. Урҭ ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рымҽхак 3500 метр ԥшьыркца иҟоуп, иааидкыланы рхарџь 16,7 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Раԥхьа Бадра Гәынба лаҵарамза 10 рзы аԥшатлакә иахҟьаны аԥхасҭа зауз Приморское ақыҭа даҭааит. Уи Атавинаа рҭаацәара рхатәыҩны аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Уаҟа аԥшатлакә 100 метр ԥшьыркца инареиҳаны ахыб ахнахит, насгьы ааигәа иҟаз асасааирҭа ахыб иақәыз апрофнастил қәҵақәа аанагеит. Ԥшьымш рыла аҩны ахыб ҿыц ақәырҵеит, аӡазы абак ҿыц шьақәдыргылеит, инанагаз апрофнастил лассы иқәгахоит.
Анаҩс Аацы ақыҭан Апаа рыҩны днеины ибеит. Уа лаҵарамза 10 рзы иасыз аԥшатлакә зынӡаск иақәнахыз ахыб ԥсаххоит ҳәа Аԥсны ахада адырра ииҭеит Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа. Иааидкыланы ахыб 242 метр ԥшьыркца иҟоуп, аусурақәа ирылагахьеит.
Лыхны ақыҭахь инеины ахадара ахыбра гәарҭеит, уи аиҳарак аус ауӡом. Уи аҩнуҵҟа ауадақәа руак аҿы аиқәԥаразы аспорттә зал ҿыц аартызар рҭахуп. Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Нарчоу Лазба Аԥсны ахада Бадра Гәынба иеиҳәеит, ақыҭа хәыҷқәа аҽазыҟаҵаразы Гәдоуҭаҟа ацара рықәшәоит, уа лассы-лассы зегьы аҭыԥқәа рызхом. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, ара 40-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа рыдкылара алыршахоит, насгьы урҭ рхыԥхьаӡара ԥхьаҟа еиҳахар алшоит.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Лыхны аҭоурых ду змоу қыҭоуп ҳәа. Убри инамаданы ахадара ахыбра аԥенџьырқәа ԥсахны, ахаҿратә гангьы аремонт азузарц адҵа ҟаиҵеит. Иара убас аилатәарақәа рзал иҵегьы аԥхасҭа амаиурц азы ашә ҿаҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит.
Уи адагьы Лыхны ақыҭан ахәыҷбаҳча цәырҵыр ҟалоит. Уаанӡа "Ачаисовхоз" аусзуҩцәа рзы аус зуаз ахәыҷбаҳча ахыбрақәа ҩба дырҭааны ибеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Ақыҭа ахада Џьансыхә Чкотуа ишиҳәаз ала, ари ахыбра ргылан 1930-тәи ашықәсқәа рзы. Иахьа уи еиҭашьақәыргылазар, Лыхни ааигәа иҟоу даҽа 2-3 қыҭаки рхәыҷқәа ирызхон.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, ахыбрақәа руак аиҭашьақәыргылара алшом, аҩбатәи аҭагылазаашьа аҭҵааразы адҵа риҭеит Бадра Гәынба.
Уи адагьы атәыла ахада Лыхны ақыҭан инхо ахәыҷы рацәа змоу Чеботариоваа рыҩны даҭааит. Лаҵарамза 10 рзы иҟалаз аԥшатлакә иахҟьаны ари аҩны ахыб ахнахит, аха аиҳабыра рымч ала уи еиҭашьақәдыргылахьеит.
Гәынба аҩны дыҩналаны игәеиҭеит, Акапиталтә ргылара аусбарҭа адҵа риҭеит аремонт ҟарҵарц, афымцамҩангагақәагьы рыԥсахырц. Уи адагьы, Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба даниацәажәоз ажәалагала ҟаиҵеит абизнес знапы алаку ауааи араион ахадареи еицхырааны аҩнымаҭәа уҳәа аҭаацәара ирҭаху аҟны ацхыраара рырҭарц.
Иара убас Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа Бадра Гәынба иеиҳәеит ақыҭа уахьналало адгьылҳәазара ахьыҟалало аҭыԥ аҿы аиҭашьақәыргылара шцо, уи мызкы аҟара аамҭа шаҭаххо.
Мгәыӡырхәа ақыҭан аԥшатлакә аԥхасҭа знаҭаз ашколгьы даҭааит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, 60 метр ԥшьыркца иҟаз ахыб еиҭашьақәыргылан. Уи аԥара азоунажьит араион ахадара. Ашкол анапхгара аҳәара ҟарҵеит ақәа ахькылсыз аҩазақәа ахьанылаз аҭыӡқәа рырҽеиразы ацхыраара ҟаҵазарц.
Иара убас Аԥсны ахада дырҭааит зхыб ахәҭак аԥша иахнахыз Еныкьаа рҭаацәара. 340 ԥшьыркца иҟаз ахыб шьаҭанкыла иԥсахзарц рыӡбеит. Аусурақәа хымшҟа ирыдхалоит ҳәа адырра ирҭеит Бадра Гәынба.
Уи ашьҭахь Бадра Гәынба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь днеит. Уа иҟоу атомограф аремонт азухоит. Иара шықәсыки бжаки раахыс аус ауӡом — уи арентген-мҩангага ԥхасҭахеит. Аиҭашьақәыргыларақәа рхарџь 11 инаркны 14 миллион мааҭ рҟынӡа иҟалоит, аԥара лассы иазоужьхоит.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иажәақәа рыла, адҵа рыҭоуп иааиуа амчыбжь азы аиҭашьақәыргылараз иаҭаху амаругақәа, атехника рыла реиқәыршәара.
Арадиолог Сариа Лакоба ишазгәалҭаз ала, апандемиа аан мызкахьы зықьҩык рҟынӡа ауаа акомпиутертә томограф ала иҭырҵаауан. Иааидкыланы, ари аамҭа иалагӡаны, аҳақьымцәа 9 нызқьҩык инареиҳаны ачымазцәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.