Ахәыдхаҵа ҟаԥшь, ақьаад, аихаҷамаҷа аизгара, ахәыҷтәы лагерқәа, аныҟәарақәа- иахьа Асовет Еидгыла ԥасатәи атәылақәа иргәаладыршәоит Аидгылазегьтәи апионертә еиҿкаара аира амш. Изеиԥшраз урҭ аамҭақәа, иҟаз алшарақәа, иахьынӡахәарҭаз, игәалашәараҿы ишаанхаз далацәажәеит апионерцәа иреиуаз Алхас Манаргиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.