Ашәаҳәаҩ Shaman амузыкатә еицлабра "Интервидение" аҟны Урыстәыла ахьӡала дықәгылоит, абас аҳәамҭа ҟарҵеит Актәи аканал адырраҭара "Пусть говорят" аҟны. Жәабран 3 2025 шықәсазы Владимир Путин жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра "Интервидение-2025" Москва амҩаԥгаразы аусԥҟа инапы аҵаҩит. 20 тәыла рхаҭарнакцәа уи ишалахәхо азы аҳәамҭа ҟарҵеит, БРИКС иалахәу атәылақәа уахь иналаҵаны. Sputnik аефир аҿы ажәабжь ахҳәаа аиҭеит акомпозитор, амузыкант Анри Гәымба.
Асас: акомпозитор, амузыкант Анри Гәымба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.