Агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылагеит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҟынтәи. Акциа алахәылацәа аԥсуеи адыгеи бираҟқәа, аҵәыџьмцақәа кны амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа инеит.
Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан Аԥсны ахада Бадра Гәынба дызлахәыз ашәҭқәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз Ашьамаҟа рблит, итрадициатәу Нарҭаа рымца еиқәырҵеит. Иара убас, ашәҭқәеи ашәҭрқьақьақәеи амшын ихырҵеит.