Арадио

Афорум "Интермузеи" аҿы Арсалиаԥҳа ажәахә ҟалҵеит Москва

Sputnik
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арҭ амшқәа рзы Москва имҩаԥысуа жәларбжьаратәи афорум "Интермузеи" аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылеит. Жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә аҟны иқәгылоу атема хадақәеи, урҭ ҳара ҳҟазареи ҳкультуратә ԥсҭазаареи иахьынӡахәҭаку, насгьы иахьынӡаактуалтәу далацәажәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.