Афымцалашара ахә зымшәо, уи рзаҿырхуеит. Аҳҭнықалақь аҿы алашара ахә ахызымшәаауа ауаа шахьдырхәуа еиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ҭенгиз Блабба.
"Иахьатәи аамҭазы афымцамч ахә зымшәо ахархәаҩцәа алашара рзаҿырхуеит, аха аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп. Уи зыхҟьо ахәԥсақәа иахьрыцлази ауааԥсыра уаанӡатәи руалқәеи аҿыцқәеи ахьырзеиқәылази ауп", - иҳәеит Блабба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.