Аԥсны

Амқәаб: Аԥсны Урыстәыла Санкт-Петербургынтәи Аҟәаҟа аҳаирпланқәа рдәықәҵаразы иацәажәоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны Урыстәыла авиациа аусхк аҟны анапхгаҩцәа ирацәажәоит Санкт-Петербурги, Нхыҵ-Кавказ ақалақьқәеи, Ханты-Мансиисктәи автономтә округи рҟынтәи Аҟәаҟа аԥыррақәа рылагара азҵааразы ҳәа РИА Новости иазеҭеиҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.
"Егьырҭ ақалақьқәагьы жәпакы – Санкт-Петербург, Ханты-Мансиисктәи автономтә округ, Нхыҵ Кавказтәи арегион, Минеральние Воды, Грозныи уҳәа налаҵаны рганахьала аилацәажәара мҩаԥысуеит", — ҳәа иҳәеит Амқәаб.
Иара иажәақәа рыла, аҿҳәарақәа рылацәажәара заацәоуп. Аха, иааидкыланы, Аԥсны анапхгара асезон анҵәамҭазы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара акырӡа иацлоит ҳәа агәыӷра рымоуп.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса аахыс аус ауӡомызт. Урыстәыла алахәрала аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргылара 2023 шықәсазы иалагеит, лаҵара 1 азы ихыркәшахеит.