Аԥсны

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа 130 миллион мааҭ рыхә апроектқәа шьақәнарӷәӷәеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра акомиссиа ақыҭанхамҩа аҿиаразы ахықәкытә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны 130 миллион мааҭ рыхә апроектқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Иааидкыланы 292 миллион мааҭ инареиҳаны зыхә ыҟаз 487 проект рыдгалан, урҭ рҟынтәи 24,7 миллион мааҭ рыхә иҟаз 40 проект иазырбаз аҭахрақәа ирықәшәо иҟамызт. Апрограмма анагӡаразы абиуџьет аҿы 150 миллион мааҭ азԥхьагәаҭоуп.