Аԥсны ахада Бадра Гәынба напхгара ззиуа аделегациа ахаҭарнакцәа арҭ амшқәа рзы Минеральные Воды ақалақь аҿы зусура мҩаԥысуа Кавказтәи аинвестициатә форум рхы аладырхәуеит. Уаҟа ареспублика аинвестициатә проектқәа днардыруеит, аҿиара бзиа змоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза апроектгьы уахь иналаҵаны. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономикатә ҿиара аминистрреи аенергетика аминистрреи рнапхгаҩцәа Ҭеимураз Амқәаби Баҭал Мышәбеи.
Аиԥш зеиԥшу афорумқәа иаадыртуа алшара ҿыцқәеи, аинвестициатә проектқәа рзы иҳамоу апотенциали арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит аусдкылаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Абесалом Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.