Аҟәа имҩаԥысуеит XVIII Ареспубликатә ашколтә спартакиада. Иара азкуп Аиааира 80 шықәса ахыҵреи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи. Аспартакиада иалахәуп Аԥсны араионқәа зегьы рҟныти 1200-ҩык рҟынӡа ашколхәыҷқәа. Дара еицлабуеит 14 спорттә хкқәа рыла.
Аспартакиадақәа, аицлабрақәа, атурнирқәа – хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥысуа аспорттә хҭысқәа ирыцу ауадаҩрақәеи, урҭ храс ирылои атәы, арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Аԥсны аҵара аминистрра абаҩрҵәыреи аспорти рыҟәша аиҳабы Аслан Ҭаркьыл.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.