АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. 25 миллионҩык инареиҳаны ауаа аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" еиуеиԥшым апрограммақәа рхы рыладырхәит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин аиҿкаара ахылаԥшратә хеилак аилатәараҿы.
Аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" Аҳәынҭқарра ахада иусԥҟала иаԥҵан 2018 шықәса лаҵарамза 22 рзы.
Бжьышықәса ирылагӡаны, аиҿкаара 60 раҟара апроектқәеи, аицлабрақәеи, аолимпиадақәеи мҩаԥнагеит, урҭ рахь иаҵанакуеит "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа", "Ҳҭаацәараҿы ас иҟоуп", "Аҵарадырра аԥхьагылаҩцәа", "ТопБЛОГ", "Сара - сыпрофессионалуп".
Аԥсны "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" ацхыраарала "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" иеиԥшны аицлабра "Аԥсны акоманда" мҩаԥган.