Аԥсны

Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы аԥышәарақәа ирылагеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы аԥышәарақәа ирылагеит.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа иахьа аԥсуа бызшәазы аԥышәара ахьырҭиуа Аҟәатәи ажәабатәи ашкол даҭааит.
Лара аушьҭымҭацәа мышьҭабзиала ҳәа раҳәо ирзеиӷьалшьеит аманшәалара, қәҿиарала аԥышәарақәа зегьы арҭарц, алҵшәа бзиақәа аадырԥшырц.
Гәынԥҳа Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит акыр шықәса раахыс ишьақәырӷәӷәоу аҵаратә планқәа инарықәыршәаны, аушьҭымҭацәа хә-ԥышәарак шырҭиуа – ихымԥадатәиқәоу ԥшьба, акы — дара иалырхуа.
"Актәи аԥышәара – ахатәы бызшәоуп. Ихымԥадатәиу аԥышәарақәа рахь иаҵанакуеит Аԥсны аҭоурых", — ҳәа азгәалҭеит Гәынԥҳа.
10-тәи Ашьхарыуаа рышкол аиҳабы Аида Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит иахьатәи аԥышәара аҵак ду шамоу, ахатәы бызшәа зегь раԥхьаӡа ишгылоу.
Ареспублика аҩнуҵҟа ахьтәы медал аиуразы акандидатцәа хҩык иҟоу зегьы ашкол №10 иаҵаҩцәоуп.
Сынтәа аԥсуа школқәа ирылгеит 1889-ҩык. Актәи аклассқәа рҟынтәи иоушьҭуп 2500-ҩык инареиҳаны.