АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Афонд "Ашанеи" Урыстәылатәи "Круг добра" афонди имаҷны иуԥыло ачымазара змоу ахәыҷы ацхыраара ирҭеит.
Ԥшьышықәса зхыҵуа, еиҳа-еиҳа зыҽзырӷәӷәо ацәеижьтә дистрофиа –Диушенн ичымазара змоу аԥснытәи ахәыҷы ихәышәтәразы иаҭахын знык ала агенқәа рыԥсахразы ахәшә "Елевидис". Ари адунеи аҿы зегь реиҳа зыхә цәгьоу ахәшәқәа иреиуоуп, 3 миллион долларк раҟара иаԥсоуп, знызаҵәык ауп ианыҟарҵо.
"Круг добра" ацхыраара ҟанаҵеит ахәшә аахәараҿы. Лаҵара 23 рзы ахәыҷы ахәшә иларҵеит, уажәы аҳақьымцәа ихылаԥшуеит, рнапаҿы дыҟоуп. Афонд "Ашана" аҿы иазгәарҭеит ари аусеицураз ақәҿиара змаз раԥхьатәи аԥышәа ԥхьаҟагьы еицырзеиԥшу апроектқәа рзы шьаҭас ишыҟало.
"Ари ахәыҷы иеиқәырхара мацара акәӡам иаанаго, ари ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рҿы наҟ-наҟ асистематә ԥсахрақәа рахь ашьаҿоуп: ацхырааратә инфраструктура арӷәӷәара, аԥарақәа иаартны рхархәара, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа асоциалтә цхыраареи амедицинатә цхыраареи рганахьала аҳәынҭқарратә программақәа ралархәра роуп", — ҳәа азгәарҭеит афонд аҿы.
Афонд "Ашанеи" урыстәылатәи "Круг добра" афонди аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 2025 шықәса мшаԥымза 2 рзы.