АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. 2025 шықәсазы Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара апрограмма 326 миллион мааҭ азоужьхоит.
Урҭ рахьтә 200 миллион ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоушьҭуп, 126 миллион — Урыстәылатәи афинанстә цхыраароуп ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә иалахәылацәахар рылшоит: атуризми ааглыхреи русхк, ауаажәларратә крыфарҭақәа рҿы аус зуа анаплакыҩцәа. Урҭ рнаплакқәа реиҭарҿыцразы, ма аҿыцқәа раԥҵаразы ирҭаху амаругақәа раахәара иақәдырӡуа ахарџь рзыршәоит.
Апрограмма 300 рҟынӡа апроектқәа амҽханакуеит, 100 инареиҳаны аусуратә ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵара иацхраауеит, ашәахтәқәа рҟынтәи ахашәалахәгьы аизырҳара иацхраауеит ҳәа иазыԥшуп. Апрограмма алахәхаразы иаҭахуи аконсультациақәа роурази адыррақәа хазы ирылаҳәахоит.