Арадио

"Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп": аԥсуа театр апремиера аус аднаулоит

Sputnik
Билли Уаилдер икино амотив ала, Аԥсуа драматә театр рашәара 9-10 рзы, ахәаԥшцәа ирыднагалоит илахҿыху алаф зцу апремиера - "Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп". Ари аҩымҭаҿ амузыкантцәа ҩыџьа машәырла ацәгьоуратә гәыԥқәа реиҿагылараҿы ишаҳаҭцәаны иҟалоит. Рҭагылазаашьа шәарҭахоит, ибналарц рыӡбоит. Ақалақь иалҵроуп, аха уи имариам усуп-амафиа рышьҭоуп. Рҽырҵәахырц азы урҭ рҽырыԥсахуеит - аҳәса реиԥш рҽеибырҭоит, уи ашьҭахь аџьаз азырҳәо амузыкатә гәыԥ иалалоит. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Ира Коӷониаԥҳаи атеатр актриса Есма Кәыҵниаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит ррольқәа аус шрыдыруло атәы.
Аиҿцәажәара аудиофаил аҿы.