Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Гәында Ломиа – Амҷба ашьхагәара аныҟәгара иазкны

Sputnik
Арасаӡыхь инхо Гәында Ломиа – Амҷба арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" дасасуп. Аефир аҿы лара дазааҭгылеит иахьа ақыҭаҿы инхо ауаа рнапы злаку, лара лҭаацәа хаҭала ашьхымзааӡара ишалагал, уи шныҟәырго.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.