Урыстәыла

Аԥсны урыстәылаа аҳәаанырцә ԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа хԥа ирыҵанакит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 Sputnik. Аԥсны урыстәылаа аҳәаанырцә ԥсшьаразы иалыркаауа ахырхарҭақәа хԥа ирыҵанакит.
АТОР заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҳәаанырцә ԥсшьара рҭахуп 6,4 миллионҩык урыстәылауаа, арҭ арбагақәа 24,8% рыла еиҳауп ҵыԥхтәиқәа раасҭа.
Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит 1,1 миллионҩык атуристцәа зҭаауа рхыԥхьаӡараҟны, арҭ арбагақәа иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны 7% рыла еиҳауп. Иазгәаҭоуп, урҭ рыбжьара ишыҟоу — ҽнак ҳәа аекскурсиа иаауа шракәу.
Актәи аҭыԥ аннакылеит Ҭырқәтәыла — 3,15 миллионҩык урыстәылаауаа рыԥсы ршьоит, ахԥатәи — Китаи. Адыррақәа ирхыԥхьаӡалоуп атранзиттә туристцәагьы.